21.08.2019
Август 21 руха, Гәдоуҭа араион, Мгәыӡырхәа ақыҭан иҟоу Аҧсны аҳәынҭқарра Ахадарахьы акандидат О.Аршбеи уи ихаҭыҧуаҩрахь акандидат О.Барцыци рштаб иеихсит.
Ари ахысра ҵаҵҕәыс иамоу бзианы еилкаауп - Аршба О.Н., Барцыц О.М. ралхратә штаб ахаҭарнакцәа рыршәара иазкуп ҳәа азаҳаҧхьаӡоит.
Арҭ аҽазышәарақәа ҵак рымаӡам. Ҳара иаҳҳәоит, алхратә закуан аҳәаақәа ирҭагӡаны, ҳусура ишацаҳҵо . Ҳақәгәыҕуеит, азинхьчаратә еилазаарақәа, ари ацәгьоура аарҧшразы иахәҭоу ауснагӡатәқәа рыдыркылап ҳәа.
Аҧсны аҳәынҭқарра Ахадарахьы
Акандидат О.Аршбеи, уи ихаҭыҧуаҩрахь
Акандидат О.Барцыци
ралхратә штаб анапхгаҩы
Л.Лакербаиа.
21.08.2019